Reuters - Дональд Трамп Украина арратә цхыраара аамҭала ааникылеит
Reuters - Дональд Трамп Украина арратә цхыраара аамҭала ааникылеит

ЕАШ ахада ональд Трамп Украина арратә цхыраара аамҭала ааникылеит, – аанацҳаит “Роитер” Аҩны шкәакәа ахаҭарнак аҟынтә ауиз анонимтә дырра ҵаҵӷәыс аҭаны.

„Ахада Трамп иаҵшьны иазгәеиҭеит аҭынчра ашьақәыргылара хықәкыс шимоу. Ҳпартниорцәагьы ари иадгылароуп. Ацхыраара аанаҳкылоит, иҳадаҳкыло аӡбамҭа аҭынчра ашьақәыргылараҿ ҳацхраароуп”, – иазгәеиҭеит Аҩны шкәакәа ахаҭарнак.

Иҟоу адыррақәа рыла, ацхыраара аанкылара Украинаҿ макьана иҟам, атранзиттә зонаҿ иҟоу ма Польша игылоу, арратә техникагьы иадҳәалоуп.

Аихқәа ишаарыцҳаз ала, Трамп ари аӡбамҭа идикылеит жәабран 28 рзы Аҩны гкәакәаҿ иареи Володимир Зеленскии реимак ашьҭахь.