Реџьеп Таип Ердоҕан   - Гьаргь Гахариа ихаан ҳтәылақәа рыбжьара астратегиатә партниорреи аиҩызаратә еизыҟазаашьақәеи нагӡахоит
Реџьеп Таип Ердоҕан   - Гьаргь Гахариа ихаан ҳтәылақәа рыбжьара астратегиатә партниорреи аиҩызаратә еизыҟазаашьақәеи нагӡахоит

Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоҕан Гьаргь Гахариа идиныҳәалеит аҩынтәраан Қырҭтәыла Аҧыза-министрс  иалхра.

Адныҳәаларатә шәҟәы аҟны Ердоҕан ишазгәеиҭаз ала,  Гьаргь Гахариа ихаан Қырҭтәылеи Ҭырқәтәылеи рыбжьара астратегиатә усеицуреи аиҩызаратә еизыҟазаашьақәеи нагӡахоит.

«Ҳаҭыр зқәу Аҧыза-министр, акыр исзыҧсоу сҩыза гәакьа, сареи Ҭырқәтәыла аиҳабыреи ҳахьӡала гәыкала ишәыдысныҳәалоит қәҿиарала имҩаҧгаз алхрақәа рышьҭахь Аҧыза- министр иаҳасабала амаҵзура анагӡара.  Уажәазы иуадаҩу аамҭа ҳҭагылоуп, аха, сара уи сахәаҧшуеит арегион аҿы аҭынчра ҕәҕәеи аҭышәынтәалареи аиҭашьақәыргыларазы алшарак ҳасабала. Агәра ганы сыҟоуп шәара шәнапхгарала, ҳтәылақәа рыбжьара ишьақәгылаз астратегиатә усеицуреи аиҩызаратә аизыҟазаашьақәеи ҳаҧхьаҟагьы ишынагӡахо», — иануп Ҭырқәтәыла ахада ишәҟәы аҟны.