Реџьеп  Таиип Ердоҕан иҳәамҭала, Ҭырқәтәыла Финлиандиеи Швециеи НАТО ашҟа ралалара иақәшаҳаҭым  
Реџьеп  Таиип Ердоҕан иҳәамҭала, Ҭырқәтәыла Финлиандиеи Швециеи НАТО ашҟа ралалара иақәшаҳаҭым  

Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп  Таиип Ердоҕан ишиҳәаз ала, Ҭырқәтәыла Финлиандиеи Швециеи НАТО ашҟа ралалара иақәшаҳаҭым.

«Ҳара абарҭ ахҭысқәа ҳрыцклаҧшуеит, аха, ари агәаанагара ҳақәшаҳаҭым», — иҳәеит Ердоҕан ажурналистцәа данрацәажәоз.

Иара ишазгәеиҭаз ала,  Бырзентәылагьы НАТО иаламлар акәын.

«Ҳара еиҭах агха ҳахьыр ҳҭахым. Скандинавтәи атәылақәа атеррористтә аиҿкаарақәа рзы асасааирҭа еиҧшхеит. Тәылақәа рҿы дара апарламентгьы иалахәып. Ҳара уи ҳзадгылом», — иҳәеит Ердоҕан.

Арҭ амшқәа рзы ишеилкаахаз ала, Швециеи Финлиандиеи рнеитралтә статус мап ацәыркын, Украинаҿ урыстәылатәи агрессиа иадҳәаланы, алианс иалаларц рыӡбеит. Дара хара имгакәа аофициалла азыҳәамҭа  аҟаҵара ргәы иҭоуп.