Рати Ионаҭамишвили -  Сен-Дени аҿы  Қырҭтәыла хьыӡрашәа уезгьы идырҳәоит, Гиги Очхикиӡе изинқәа ҳахьчеит, акомиссиа ахыркәшаратә ӡбамҭа алаҳәан, Гиги ахьтәы медали адунеитә рекорди издырхынҳәит
Рати Ионаҭамишвили -  Сен-Дени аҿы  Қырҭтәыла хьыӡрашәа уезгьы идырҳәоит, Гиги Очхикиӡе изинқәа ҳахьчеит, акомиссиа ахыркәшаратә ӡбамҭа алаҳәан, Гиги ахьтәы медали адунеитә рекорди издырхынҳәит

Сен-Дени аҿы  Қырҭтәыла хьыӡрашәа уезгьы идырҳәоит, Гиги Очхикиӡе изинқәа ҳахьчеит, акомиссиа ахыркәшаратә ӡбамҭа алаҳәан, Гиги ахьтәы медали адунеитә рекорди издырхынҳәит, — иҩит Қырҭтәыла апарламент адепутат  Рати Ионатамишвили асоциалтә аҳаҿы.

Ишдыру еиҧш, Мароккои Ирани рделегациақәа  Гиги Очхикиӡе илҵшәа иазашшын, атурнир аиҿкааҩцәа рыӡбара рыҧсахит. Аха, ақырҭуа делегациа ари аӡбара иазашшит.

Париж имҩаҧысуа Апараолимпиатә хәмаррақәа рҿы ақырҭуа спорсмен Гига Очхикиӡе аихампыл аршәраҿы ахьтәы медаль игеит, уи адагьы, адунеитә рекорд шьақәиргылеит. Очхикиӡе  ари атурнираҿ Қырҭтәыла аизга раҧхьатәи ахьтәы медаль азааигеит.