Рати Ионаҭамишвили Қырҭтәыла Актәи аканал даҭабууп Апаралимпиада-2024 арбаразы
Рати Ионаҭамишвили Қырҭтәыла Актәи аканал даҭабууп Апаралимпиада-2024 арбаразы

Қырҭтәыла Апаралимпиатә комитет ахантәаҩы  Рати Ионатамишвили Қырҭтәыла Актәи аканал даҭабууп Апаралимпиада-2024 арбаразы.

Рати Ионатамишвили ари аҳәамҭа ҟаиҵеит апаралимпицәа рҧылара ацеремониаҿы.

«Қырҭтәыла аҧыза-министри, акультуреи аспорти рзы аминистри, апарламент ахантәаҩи, Қарҭ ахадеи, Ауаажәларратә дырраҭареи, ҳазгәыбылҩцәеи ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп. Аҭоубашьҭаҵара амши, апараспортсменцәа мацара ракәымкәа, зылшарақәа маҷу ауааҧсыра рзгьы еиҟароу аҭагылазаашьақәа реиқәыршәареи, ишиашо ицоз атранслиациақәеи, шәара шәҟынтә иҳамаз адгылареи  гәызҭаҵагас иаҳзыҟалеит, иахьа ҳара ҳгәы дууп, избанзар, шәареи ҳазгәыбылҩцәеи  шәҳаргәырҕьеит», — иҳәеит Ионаҭамишвили.