Рати Ионатамишвили – Кубилиус азакәандареи, аиашамреи, ауаа рыргәаҟреи рышьреи ҳақәшаҳаҭхарц ҳадицалоит
Рати Ионатамишвили – Кубилиус азакәандареи, аиашамреи, ауаа рыргәаҟреи рышьреи ҳақәшаҳаҭхарц ҳадицалоит

«Интересс исымоуп, изакәытә ҧҟарақәоу Кубилиус дызлацәажәо, акоррупциеи, азакәандареи, арратә риторикеи? —  ҳуаажәларра арҭ аҧҟарақәа изрықәшаҳаҭхом», — иҳәеит «Ақырҭуа гәахәтәы» алахәыла  Рати Ионатамишвили Қырҭтәыла Актәи аканал аинтервиу анеиҭоз.

Иара иажәақәа рыла, «Кубилиус  Саакашвилии атәыла евроинтеграциеи рыбжьара ииашам аимадара ҟаиҵоит».

«Кубилиус азакәандареи, аиашамреи, ауаа рыргәаҟреи рышьреи ҳақәшаҳаҭхарц ҳадицалоит. Абри аҳәамҭала ҳажәлар раҳаҭыр лаирҟәит, уи иара ихаҭагьы иҧырхагоуп. Қырҭтәылеи Евроеидгылахь Қырҭтәыла алалареи акоуп ҳәа иҟоу агәаанагара ииашам. Дарбанызаалак абри аҩыза аимадара ҟазҵо ақырҭуа принципқәа мацара ракәымкәа, европатәи апринципқәагьы дырҿагылоит», — иҳәеит Ионатамишвили.

Европарламент адепутат Ендриус  Кубилиус  «Мҭавари архи» аефираҿ иҳәеит: «Ҳара  Қырҭтәыла анапхгара рахь, «Ақырҭуа гәахәтәы» рахь еилыккаа ацҳамҭа ҟаҳҵоит, ҳаҧҟарала  ахәмарра шәҭахымхар, акандидат астатус шәоуӡом».