Рати Ионаҭамишвили зылшарақәа амҷу ауаа жәларбжьаратәи рзинқәа рызҵаарақәа рзы Америка ахада ибжьагаҩ ҷыда дылҧылеит
Рати Ионаҭамишвили зылшарақәа амҷу ауаа жәларбжьаратәи рзинқәа рызҵаарақәа рзы Америка ахада ибжьагаҩ ҷыда дылҧылеит

Қырҭтәыла апарламентаҿ иҟоу ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчареи атәылауаҩратә интеграциеи азҵаарақәа рзы  акомитет ахантәаҩы Рати Ионаҭамишвили зылшарақәа маҷу ауаа жәларбжьаратәи рзинқәа рзы Америка ахада ибжьагаҩ ҷыда Сара Минкара дылҧылеит.

Аиҧылара алахәылацәа зылшарақәа маҷу ауааҧсыра рзинқәа рыхьчара аганахьала Қырҭтәыла иҟоу апрогресси аҳасабтәқәеи  ирылацәажәеит.

Аиҧылара мҩаҧган  Зылшарақәа маҷу ауааҧсыра ирызку ЕАР Аконвенциа иалахәы аҳәынҭқаррақәа 17-тәи ассамблеиа аҳәаақәа ирҭагӡаны. Аусмҩаҧгатә мҩаҧысуеит ЕАР Ниу-Иорктәи аофис аҿы, рашәара  11-13 рзы.