Рати Брегаӡе Венгриа Амилаҭтә ассамблеиа европатәи азҵаарақәа рзы акомитет ахатәаҩы дылԥылеит
Рати Брегаӡе Венгриа Амилаҭтә ассамблеиа европатәи азҵаарақәа рзы акомитет ахатәаҩы дылԥылеит

Қырҭтәыла Аиустициа аминистр Рати Брегаӡе Венгриа Амилаҭтә ассамблеиа европатәи азҵаарақәа рзы акомитет ахатәаҩы Иудит Варга дылԥылеит. Аиустициа аминистрра апрессмаҵзура аинформациа ала, аминистр Иудит Варга аҭыԥ ҿыц аанкылара илыдиныҳәалан, Европарламент 2024 шықәсатәи алхрақәа рҿы ақәҿиарақәа илзеиӷьаишьеит.

„Қырҭтәыла Аиустициа аминистр  Иудит Варга лҟны аиԥылараан даҽазнык шьақәирӷәӷәеит Евроеидгыла алалара ақырҭуа жәлар шалырхыз, Қырҭтәыла Аиустициа аминистрра ари апроцесс активла шалахәу.

Евроинтеграциа апроцесс хәҭа хадақәа иреиуп амилаҭтә закәанԥҵара Евроеидгыла азакәанԥҵара азааигәахара. Ари азы апарламент алагалоуп азакәанԥҵаратә ԥсахрақәа, урҭ рыла азакәнԥҵара агармонизациа акоординациа Аиустициа аминистрра мҩаԥнгоит.

Аиԥылараҿ Аиустициа аминистр ишазгәеиҭаз ала, евроинтеграциа амҩаҿ Қырҭтәылеи Венгриеи русеицура иаҳа шыӷәӷәахо“,- иануп Аиустициа аминистрра апрессмаҵзура аинформациа аҿы.