Рати Брегаӡе - Страсбургтәи аӡбарҭа ақәҵара ҳақәшаҳаҭуп, агәыҳалалратә ҟазшьа амоуп, абри ақәҵара шьақәнарҕәҕәоит Қырҭтәыла апенитенциартә система астандартқәа шыҳараку
Қырҭтәыла аиустициа аминистр Рати Брегаӡе иҳәамҭала, ақырҭуа аган Михаил Саакашвили иус азы Страсбургтәи аӡбарҭа ақәҵара иақәшаҳаҭуп, зыӡбахәы ҳәоу ақәҵара агәыҳалалратә ҟазшьа амоуп, абаандаҩы иинтересқәа рыхьчара иазкуп.
«Қырҭтәыла аиҳабыра Страсбургтәи аӡбарҭантә ашәҟәы роуит. Ашәҟәы ишану ала, Михаил Саакашвили Страсбургтәи аӡбарҭа аҳәарала дадҵаалт зыҧшра ҟамҵара иара 18-тәи амедицинатә усбарҭа аҟынтәи атәылауаҩратә клиникашҟа ииагара иазкны.
Страсбургтәи аӡбарҭа Саакашвили иҳәара нанамгӡеит. Дара Михаил Саакашвили иахь ааҧхьара ҟарҵеит амлашьра даҟәыҵырц. Страсбургьтәи аӡбарҭа агәыҳалалратә ақәҵара аднакылеит, абри азҵаараҿы ҳпозициақәа ахьеиқәшәо бзиоуп. Зыӡбахәы ҳәоу ақәҵара даҽазнык ишьақәнарҕәҕәоит Қырҭтәыла апенитенциартә система астандартқәа шыҳараку. Ақәҵара ишану ала, абҵара 24 иахымгакәа, ҳара Европатәи аӡбарҭа аинформациа рызцәыраагоит Михаил Саакашвили игәабзиара аҭагылазаашьа иазкны», — иҳәеит Рати Брегаӡе.