Рати Брегаӡе - Леван Самхараули ихьӡ зху аекспертизазы амилаҭтә биуро алкаа инақәыршәаны, ацентр "Емпатиа" адиагнозқәа узықәгәыӷыша иҟам
Рати Брегаӡе - Леван Самхараули ихьӡ зху аекспертизазы амилаҭтә биуро алкаа инақәыршәаны, ацентр "Емпатиа" адиагнозқәа узықәгәыӷыша иҟам

Леван Самхараули ихьӡ зху аекспертизазы амилаҭтә биуро алкаа инақәыршәаны, ацентр “Емпатиа” адиагнозқәа узықәгәыӷыша иҟам, – иҳәеит Қырҭтәыла Аиустициа аминистр Рати Брегаӡе абрифинг аҿы.

Амнистр иажәақәа рыла, ари алкаа иашьашәалоу ҵасла аӡбарҭа адыргалоит.

„Абаандаҩы Михеил Саакашвили идҳәалоу аҭагылазаашьа еснагь аспекулиациақәа шьаҭас арҭоит. Убри аҟынтә ауаажәлар рырдыра наҳагӡоит. Ари азҵаара иазкны ауаажәлр аинтерес ду аадырԥшуеит. Ҷыдала сазааҭгылар сҭахуп ацентр “Емпатиа” алкаа. Абаадаҩы идукатцәа аӡбарҭа иадҵаалан, уи иҭакра аԥыхра ма аҿҳәара аиагара идҵаны иқәдыргылеит, ари иадҳәаланы апенитенциартә маҵзура ҷыда аиаша аилкааразы, 2022 шықәса ԥхынҷкәын 8 рзы Леван Самхараули ихьӡ зху аекспертизазы амилаҭтә биуро адҵаалт ацентр “Емпатиа” алкааи адиагнозқәеи ргәаҭареи, Қырҭтәыла азакәанԥҵара урҭ ианаало ианаамло аилкаареи.

2023 шықәса ажьырныҳәа 26 рзы Леван Самхараули ихьӡ зху аекспертизазы амилаҭтә биуро аҟынтә алкаа ҳауит, уа ашьаҭатәи ххырхарҭак ралкаара ҟалоит: апсихиатриатә, агастроентерологиатә, аневрологиатә даигнозқәа. Леван Самхараули ихьӡ зху аекспертизазы амилаҭтә биуро  алкаа инақәыршәаны, ацентр “Емпатиа” адиагнозқәа ииашам. Ари алкаа аӡбарҭа адаҳгалоит иашьҭанеиуа ахцәажәаращы”, – иҳәеит аминистр.