Рати Брегаӡе - Еврокомиссиа аӡбарала ақырҭуа жәлар рыӡбара анагӡаразы Қырҭтәыла аиҳабыра иҟанаҵаз аҽазышәара азхаҵароуп
Рати Брегаӡе - Еврокомиссиа аӡбарала ақырҭуа жәлар рыӡбара анагӡаразы Қырҭтәыла аиҳабыра иҟанаҵаз аҽазышәара азхаҵароуп

Еврокомиссиа аӡбарала ақырҭуа жәлар рыӡбара анагӡаразы Қырҭтәыла аиҳабыра иҟанаҵаз аҽазышәара азхаҵароуп, – иҳәеит Аиустициа аминистр Рати Брегаӡе.

„2017 шықәсазы  имҩаԥгаз аконституциатә ԥсахрақәа рышьҭахь, Қырҭтәыла аконститациатә хыдҵас иҳәаақәҵан евроатлантикатәи аинтеграциа иқәӡиараны анагӡара. Еврокомиссиа аӡбарала ақырҭуа жәлар рыӡбара анагӡаразы Қырҭтәыла аиҳабыра иҟанаҵаз аҽазышәара азхаҵароуп. Ари апроцесс ақәӡиарала нагӡахоит ҳәа уаанӡагьы изныкымкәа ҳҳәахьан, иахьагьы агәра ҳгоит Қырҭтәыла акандидат статус шанаршьо”, – иҳәеит Аиустициа аминистр.

Еврокомиссиа Евроеидгыла арҭбаара иазку аҳасабырба цәырнагеит. Еврокомиссиа Европатәи ахеилак иабжьанагеит Қырҭтәыла акандидат астатус анаршьарц.