Рати Брегаӡе  - Атәыла ахада иформалым напхгаҩыс дҟалеит
Рати Брегаӡе  - Атәыла ахада иформалым напхгаҩыс дҟалеит

Атәыла ахада иформалым анапхгаҩыс дҟалеит, — иҩит аиустициа аминистр Рати Брегаӡе асоциалтә аҳаҿы.

Иара Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили иҟалҵаз аҳәамҭа дахцәажәеит. Зурабишвили ишылҳәаз ала,  аҧыза-министр иҭыҧаз лхатә кандидат длымоуп.

«Қырҭтәыла Аконституциа инақәыршәаны: 1. Қырҭтәыла ахада аполитикатә партиа далахәызар ҟалом; 2. Аҧыза-министр иҭыҧаз акандидат дықәнаргылоит апарламенттә алахрақәа рҿы иреиҕьу алҵшәа зауз аполитикатә партиа.

Убри аҟынтә, лара официалла арҭ апроцессқәа рылахәызаара лылымшакәа,  аофициалымкәа дрылахәызар,  аҧҳәыс-ахада иформалым напхгаҩыс дҟалеит.

P.S. «Шәара шәхала шәазхәыц,  антидемократиатә,  антиконституциатә методқәа рыла адемократиатә аҿиара алацәажәара европатәи апринципқәа ирышьашәалоума», — иҩит  Рати Брегаӡе асоциалтә аҳаҿы.