Рати Брегаӡе  - Атәыла ахада апартиа алахәызаара азин лымам, аполиткиатә партиақәа роуп изыӡбаша атәыла ахада  иформалым рлидерс дҟалар ирҭаху ирҭахыму
Рати Брегаӡе  - Атәыла ахада апартиа алахәызаара азин лымам, аполиткиатә партиақәа роуп изыӡбаша атәыла ахада  иформалым рлидерс дҟалар ирҭаху ирҭахыму

Қырҭтәыла аиустициа аминистр  Рати Брегаӡе иҳәамҭала, Қырҭтәыла Аконституциа инақәыршәаны, апарламент атәыла аҧыза-министр икандидатура аднагалоит алхрақәа рҿы иреиҕьу алҵшәа зауа аполиткиатә партиа.

Брегаӡе иажәақәа рыла, Аконституциа инақәыршәаны, Саломе Зурабишвили аполитикатә партиа алахәызаара азин лымам, атехникатә еиҳабыра аиқәыршәара иазкны иҟалҵо аҳәамҭақәа еилкаам.

«Ауаҩы аполитикатә партиа алахәызаара азин амамзар,  аха, апроцессқәа дрылахәызар, аоппозициатә партиақәа рхаҭарнакцәа дырҧыланы, аҧыза-министр иҭыҧаз акандидатура далацәажәозар, уи иаанагоит атәыла ахада иформалым алидерс дҟалеит ҳәа.  Аполиткиатә партиақәа роуп изыӡбаша атәыла ахада  иформалым рлидерс дҟалар ирҭаху ирҭахыму», — иҳәеит  Рати Брегаӡе.

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили жьҭаара 12 рзы ишылҳәаз ала,  алхрақәа рҟнынӡа атехникатә аиҳабыра аилазаара аалыцҳауеит.