Рати Брегаӡе - Адемократиа арҕәҕәара иацхраауа азакәан иадгылаз адепутат, аиҳабыра алахәыла, мамзаргьы даҽаӡәы асанкциақәа изышьақәыргыларазы шьаҭас иҟоу сзеилкаауам
Аартызаара иазку азакәан Қырҭтәыла аҩныҵҟатәи усуп, уи аартызаара аиқәыршәароуп хықәкыс иамоу, – иҳәеит аиустициа аминистр Рати Брегаӡе.
Иара иажәақәа рыла, аартызаара – иарбанзаалак адемократиатә уаажәларразы зда ҧсыхәа иҟам ҭагылазаашьоауп.
„Қырҭтәыла адемократиа арҕәҕәара иацхраауа азакәан иадгылаз адепутат, аиҳабыра алахәыла, мамзаргьы даҽаӡәы асанкциақәа изышьақәыргыларазы шьаҭас иҟоу сзеилкаауам. Уи ухахьы иузаагом“, – иҳәеит Брегаӡе.