Рати Брегаӡе - 2012 шықәса инаркны аӡбаҩ аӡбара идикылоит аҩныҵҟатәи агәрахаҵареи аршаҳаҭгақәеи рышьаҭала
«Сара аӡбаҩцәа рахь азҵаарақәа сымам. Адәныҟатәи аусқәа рминистргьы ашәҟәы алаирҵәеит, саргьы еиҭасҳәар сҭахуп – аршаҳаҭгақәа зцым иарбанызаалак аҳәамҭа, ҷыдала уи аӡбаҩцәеи аконкреттә ацәгьауреи иазкызар, еилкаам», — иҳәеит аиустициа аминистр Рати Брегаӡе.
Брегаӡе ишиҳәаз ала, «Ақырҭуа гәахәтәы» рнапхгараан аӡбарҭаҿ иакымкәа ареформақәа мҩаҧган, 2012 шықәсанӡа аӡбаҩ аиустициа аминистр изакәандаратә адҵақәа наигӡон. Брегаӡе иажәақәа рыла, ареформақәа рыбзоурала, абаандаҩцәа рхыҧхьаӡара хынтә имаҷхеит.
«2012 шықәсанӡа аӡбаҩ аиустициа аминистр изакәандаратә адҵақәа наигӡон. 2012 шықәса инаркны аӡбаҩ аилацәажәаратә уадашҟа дхынҳәит, уаҟа аӡбарақәа идикылоит аҩныҵҟатәи агәрахаҵареи аршаҳаҭгақәеи рышьаҭала, Аконституциеи азакәани мацара инрықәыршәаны. Уи шьақәырҕәҕәоуп афактқәа рацәа рыла, абаандаҩцәа рхыҧхьаӡаралагьы, уи хынтә имаҷхеит. Иара убас, ишыжәдыруа ала, Страсбургтәи аӡбарҭаҿы Қырҭтәыла иаҿагылоу ашшыҧхьыӡқәа маҷхеит. Избанзар, азакәанҧҵаратәи анагӡаратәи мчра ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчаразы аӡбаратә системаҿ излауа ала ирацәаны ареформақәа рымҩаҧгаразы аус еицыруан», — иҳәеит аиустициа аминистр «Русҭави 2» аефираҿ.