Рашәара инаркны Қәҭешьтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазантә Будапешти, Вроцлави Венеи рхырхарҭала еиԥырҟьам ареисқәа нагӡахоит
Рашәара инаркны Қәҭешьтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазантә Будапешти, Вроцлави Венеи рхырхарҭала еиԥырҟьам ареисқәа нагӡахоит

Рашәара инаркны Қәҭешьтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазантә Вена-Қәҭешь-Вена, Будапешт-Қәҭешь-Будапешт, Вроцлав-Қәҭешь-Вроцлав аҳаиртә цәаҳәаҩы ишиашоу еиԥырҟьам ареисқәа нагӡахоит.

Ари атәы аарыцҳит Қырҭтәыла аҳаирбаӷәазақәа реиҿкаара аҟынтә.

“Ацентртәии мрагыларатә Европаҿ еицырдыруа лоуҟосҭ Wizz Air Давҭ Аӷмашенебели ихьӡ зху Қәҭешьтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазантә апандемиа иалагеижьҭеи раԥхьаӡа Будапешт аҟынтә актәи еиԥырҟам ареис нанагӡоит рашәара 19 рзы, Вроцлав аҟынтә  – рашәара 26 рзы, Венантә – рашәара 29 рзы. Ареисқәа мчыбжь азы ҩынтә нагӡахоит,” – аарыцҳаит аусҳәарҭа аҟынтә.