Рашәара 7-нӡа Қырҭтәыла иԥхаррахоит
Рашәара 7-нӡа Қырҭтәыла иԥхаррахоит

Аԥсабаразы амилаҭтә агентра аинформациала, рашәара 7-нӡа Қырҭтәыла иԥхаррахоит. Мраҭашәаратә Қырҭтәыла аамҭа-аамҭала ақәеи акырцхи леир ҟалап.

Қарҭ уахынла ақәа леир ҟалап. Ҽынла аҳауа аԥхарра +31, +33 градус иаҟарахоит.

Амшын Еиқәа араионқәа рҿы (Баҭым, Қобулеҭи, Анаклиа, Ԥуҭ) рашәара 7-нӡа аҳауатә лышәшәақәа ҟалом.  Аҳауа аԥхарра ҽынла +29, +31 градус иаҟарахоит.

Кахеҭи (Сагареџьо, Ҭелави, Гурџьаани, Сиӷнаӷи, Лагодехи, Ҟварели, Ахмета, Дедоԥлисҵҟаро) аамҭа-аамҭала ақәеи акырцхи леир ҟалап.  Аҳауа аԥхарра ҽынла +31, +33 градус иаҟарахоит.