Рашәара 28 рзы Қырҭтәыла апарламентаҿ ашәарҭадара аҩаӡара "ҩежь" амч амазаауеит
Рашәара 28 рзы Қырҭтәыла апарламентаҿ ашәарҭадара аҩаӡара "ҩежь" амч амазаауеит

Қырҭтәыла апарламент ашәарҭадаратә ҭагылазаашьақәа рырҕәҕәара иазкны аҳәамҭа аланарҵәеит.

Аҳәамҭа ишану ала, рашәара 28 рзы Қырҭтәыла апарламентаҿ ашәарҭадара аҩаӡара “ҩежь” амч амазаауеит.

“Қырҭтәыла апарламент ахан ашәарҭадара арӷәӷәара иазку аҵас ашьақәырӷәӷәара иазку” Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы 2023 шықәса цәыббра 4 рзы ишьақәирӷәӷәаз N1/259/23 адҵа инақәыршәаны, рашәара 28 рзы апарламент ахыбраҿ ашәарҭадаратә ҭагылазаашьақәа дырӷәӷәоит, Қырҭтәыла апарламент ахан аҟны ашәарҭадара аҩаӡара ҩежь амч аиуеит.

Апарламент ашҟа анеира рылшоит апарламент аппарат аусуҩцәеи ҷыдала иаԥхьоу ахаҿқәеи мацара”, – иануп аҳәамҭа аҿы.

Апарламентаҿ имҩаҧысуа ауснагӡатәқәа  (акомитетқәа реилатәарақәагьы) рахь инарышьҭуеит иашьашәалоу аструктуратә акқәа иаарыҧхьаз ахаҿақәа мацара.