Рашәара 20 рзы ахҵәацәа жәларбжьаратәи рымш азгәарҭоит. Ари амш инамаданы Қарҭтәы аботаникатә баҳчаҿ аидгылара амарш мҩаԥган, ауснагӡатә рхы аладырхәит апарламент ахантәаҩы Каха Куҷавеи адпкорпус ахаҭарнакцәеи.
Адунеи аҿы ахҵәацәа рхыԥхьаӡара 82 миллионҩык иаҟароуп. Мчыла ихгоу ауааԥсыра рыдгылара аадырԥшырц азы амарш рхы аладырхәит , Қырҭтәыла инхо ахҵәацәеи, Қырҭтәыла иҟоу ЕАШ ацҳараџәҳәаҩ Келли Дегнани, Қырҭтәыла иҟоу ЕАР еснагьтәи ахаҭарнак Сабине Махлми, еиуеиԥшым атәылақәа рыцҳаражәҳәаҩцәеи, аҳәынҭқарратә усҳәарҭақәа рхаҭарнакцәеи жәларбжьаратәи еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәеи.