Рашәара 1 инаркны аҳәаақәа аартхоит
Рашәара 1 инаркны аҳәаақәа аартхоит

Рашәара 1 инаркны аҳәаақәа аартхоит. Аиҳабыра радминистрациаҿ Қырҭтәыла Аԥыза-министр инапхгарала имҩаԥысыз Аусбарҭабжьаратә акоординациатә хеилак еилатәара ашьҭахь ари атәы ааицҳаит Аусбарҭабжьаратә акоординациатә хеилак иаҵанакуа аоперативтә штаб аиҳабы Гиорги Ӷибраӡе.

Ӷибраӡе иажәақәа рыла, аҳәаа ахысра зҭаху ауааҧсыра Қырҭтәылаҟа ианаауа, аҳәааҿы ицәырыргароуп аҵыхәтәантәи 72 сааҭ рыҩнуҵҟала иҟаҵоу PCR-тест иҵоурам аҭак ма авакцинациа аҩдозак рыҟаҵара шьақәзырӷәӷәо адокумент.

“Рашәара 1 инаркны аҳәаақәа аартхоит. Аҳәаа ахысра зҭаху ауааҧсыра Қырҭтәылаҟа ианаауа, аҳәааҿы ицәырыргароуп аҵыхәтәантәи 72 сааҭ рыҩнуҵҟала иҟаҵоу PCR-тест иҵоурам аҭак ма авакцинациа аҩдозак рыҟаҵара шьақәзырӷәӷәо адокумент. Анеҩс, атәыла ианалалалак, хымш рышьҭахь,  хымҧада PCR-тест еиҭаҟарҵароуп. Иара убас, арекомендациа ҟаҳҵоит аҭааҩцәа зегьы аԥгаԥса рымазарц,” – иазгәеиҭеит Аусбарҭабжьаратә акоординациатә хеилак иаҵанакуа аоперативтә штаб аиҳабы .