РАСЕ ажәахәҟаҵаҩцәа аҳәамҭа аладырҵәеит - Апарламент иааԥҵәаны иабжьаагоит "Атәым анырра аартызаара" иазкә азакәанпроект амш аусхәаԥштә иадыргарц
Қырҭтәыла азҵаарақәа рзы РАСЕ ажәахәҟаҵаҩцәа Клод Кернии Едите Естреллеи агәынамӡара ӷәӷәа аадырԥшит “Атәым анырра аартызаара” иазкә азакәанпроект актәи аԥхьарала адкылара иадҳәаланы.
„Уаанӡагьы ишаҳҳәахьаз еиԥш, уажәтәи асахьала ари азакәанпроект европатәи адемократиеи ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара астандартқәеи анормақәеи ирышьашәалам. Иацы ари азакәан рыдыркылеит иазҿлымҳау аганқәа рҟны аконсультациақәеи ма адиалоги мҩаԥымгакәа. Убри амшала, ақырҭуа уаажәларра рыгәҭ аполиаризациеи аиҟәшареи иаҳа иӷәӷәахеит, зыӡбахә ҳәоу азакәан Қырҭтәыла адемократиатә консолидациеи евроинтеграциеи ирԥырхагоуп”, – иануп аҳәамҭа аҿы.
Ажәахәҟаҵаҩцәа ишазгәарҭаз ала, Венециатәи акомиссиа аиуристтә експертцәа ари азакәан иашьашәалоу ахәшьара арҭаанӡа, азаҟәан адкылара ҟалом. Қырҭтәыла апароалемнт акомиссиа абжьагарақәа зегьы ирыхәаԥшроуп.
Ажәахәҟаҵаҩцәа визитла Қарҭ иаҭаауеит хәажәкыра 27-29 рзы.