Раса Иукневичиене  - Европарламент Биӡина Иванишвилии  „Ақырҭуа гәахәтәы“ аҟынтә иеицхәыццәеи рахь  еилыкка иҟоу ашьҭымҭа дәықәнаҵоит, дара рполитика Евроеидгыла алалара иашьашәалам
Раса Иукневичиене  - Европарламент Биӡина Иванишвилии  „Ақырҭуа гәахәтәы“ аҟынтә иеицхәыццәеи рахь  еилыкка иҟоу ашьҭымҭа дәықәнаҵоит, дара рполитика Евроеидгыла алалара иашьашәалам

Европарламент Биӡина Иванишвилии  „Ақырҭуа гәахәтәы“ аҟынтә иеицхәыццәеи рахь  еилыкка иҟоу ашьҭымҭа дәықәнаҵоит, дара рполитика Евроеидгыла алалара иашьашәалам. Аамҭакала Урыстәылагьы Европагьы рыдгылара ҟалом, аамҭакала европатәи аҧсҭазаашьа адгылареи  Сталин ирҽхәареи ҟалом, – илҳәеит Европарламент алахәыла Раса Иукневичиене Европарламентаҿ Қырҭтәыла иадҳәаланы имҩаҧысуаз адебатқәа раан.

Лара лҳәамҭала, Европарламент Қырҭтәыла имҩаҧысуа алхрақәа хшыҩзышьҭрала ирыцклаҧшуеит.

„Европарламент Қырҭтәыла имҩаҧысуа алхрақәа хшыҩзышьҭрала ирыцклаҧшуеит. Ҳара еиҭаҳҳәоит арҭ алхрақәа жәларбжьаратәи астандартқәа ирышьашәаланы ишымҩаҧгатәу.  „Ақырҭуа гәахәтәы“ Лукашенко имҩа ианыланы ацара нарыгӡар,  Евроеидгыла иахәҭоу ашьаҿақәа ҟанаҵар акәхоит, авизалиберализациа акритериқәа реиҭахәаҧшрагьы налаҵаны. Ҳара даҽазнык ааҧхьара ҟаҳҵоит Михаил Саакашвили зыҧшра ҟамҵакәа доурышьҭырц. Қырҭтәыла аиҳабыра Михаил Саакашвили иҧсҭазаара ма игәабзиара иаиуа ҧырхагазы аҭак рыҧхықәзароуп. Қырҭтәыла аҧеиҧш ақырҭуа жәлар рнапаҿы иҟоуп. Акыр иаҧсоу ақырҭуаа, Қырҭтәыла аҧеиҧш азы шәара шәхаҭа шәыда уаҳа аӡәгьы аҭак иҧхықәым. Ҳара агәыҕра ду ҳамоуп Қырҭтәыла ауааҧсыра шьҭахьҟа, адемократиатә европатәи аҭаацәарашҟа амҩа рыҧшаап ҳәа“, – илҳәеит Европарламент алахәыла.