Раса Иукневичиене - Евроеидгыла алалара "дебиӡинизациа" ашьҭахь мацара ҟалоит, Қырҭтәыла авизадатә режим ақәнаго ақәнамго ҳаиҭахәыцроуп
Қырҭтәыла адемократиа иашьашәалам алхрақәа мҩаԥган, урҭ рызхаҵара ҳалшом, – илҳәеит европарламент алахәыла Раса Иукневичиене Қырҭтәыла иазку адебатқәа рҿы данықәгылоз.
“Кремль ацхыраара ала, акоррупциа иадгыло аолигарх имчқәа амчра анапаҿы аагар рҭҭахуп, Қырҭтәылаҿгьы абри еиԥш аҭагылазаашьа иубарҭоуп. Евроеидгыла еилыхха иҳҳәароуп – Қырҭтәыла адемократиа иашьашәалам алхрақәа мҩаԥган, урҭ рызхаҵара ҳалшом. “Ақырҭуа гәахәтәы” аиааира агара алымшеит. Имҩаԥысроуп зхы иақәиҭу адемократиатә аусԥшаара.
Қырҭтәыла акандидат статус аанкылоуп, ас еиԥ егьаанхоит. Қырҭтәыла авизадатә режим ақәнаго ақәнамго ҳаиҭахәыцроуп. Евроеидгыла алалара “дебиӡинизациа” ашьҭахь мацара ҟалоит”, – илҳәеит Раса Иукневичиене.