Раса Иукнавичене – Ҳара партиак ҳадгыларц азакәӡам Қырҭтәылаҟа ҳзааиз, Евроеидгыла иахәҭоу ашьаҿақәа ҟаҵаны, Қырҭтәыла иацхраар ҳҭахуп
«Европарламентаҿ иҟоу еиуеиҧшым аполитикатә гәыҧқәа быжьҩык рхаҭарнакцәа Қырҭтәыла иаҭааит, ари афакт иаҵанакәа рацәоуп», — илҳәеит Европарламент адепутат Раса Иукнавичене Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили данылҧыла ашьҭахь.
Раса Иукнавичене ишылҳәаз ала, Европарламент адепутатцәа Қырҭтәыла иаҭааит афактқәа рыҭҵааразы.
«Адәахьы Евроеидгыла абираҟқәа зку, Қырҭтәыла Аконституциа иану иазықәҧо ауаа адгылара рзааҳарҧшыр ҳҭахуп. Уи Қырҭтәыла евроатлантикатә мҩоуп. Ҳара Қырҭтәыла ҳаҭааит аҭыҧаҿ аҭагылазаашьа ҳбарцаз.
Арҭ аиҧыларақәа аҵакы ду рымоуп, избанзар, ҳара аихшьаала иаша ҟаҳҵароуп.
Қырҭтәыла европатәи атәыла шакәу ҳдыруеит, уи ҳцәа ианыруеит, ҳара партиак ҳадгыларц азакәӡам Қырҭтәыла ҳзааиз, ҳара Қырҭтәыла – аҳәынҭқарра аҳасабала ҳадгылар ҳҭахуп», – илҳәеит Раса Иукнавичене.