Раса Иукнавичене - Еврокомиссиа ажәахәы аҿы излацәажәо адеолигархизация Қырҭтәыла адебиӡинизациа ма адеиванишвилизациа ауп иаанаго
«Қырҭтәыла ауааҧсыра ҳадгылара рыхәҭоуп, уи аҵакы ду амоуп. Ҳколлегацәа рҟынтә иҳаҳаз ажәабжьқәа ҳаргәамҵуеит», — илҳәеит Европарламент алахәыла, «Европа жәлар рпартиа» авице-хантәаҩы Раса Иукнавичене Евроеидгылеи Қырҭтәылеи рассоциациа иазку шықәсыктәи аҳасабырба алацәажәараан.
Европарламент адепутат лҳәамҭала, Қырҭтәыла уаҩҧсык итҟәараҿы иҟоуп.
«Атәыла зегьы, Қырҭтәыла, уаҩҧсык итҟәараҿы иҟоуп, «Ақырҭуа гәахәтәы» ахаҭарнакцәа Еврокомиссиа ажәахәы аҿы излацәажәо адеолигархизациа иаанаго рзеилымкаауазар, уи аилкаараҿы срыцхраар сылшоит. Уи адебиӡинизациа ма адеиванишвилизациа ауп иаанаго. Абри ауп Қырҭтәыла ауааҧсыра ирҭаху дара уаҩҧсык итҟәараҿы иҟамзаарц азыҳәан. Ишәгәаласыршәар сҭахуп, ҳара Европарламент аҿы иҳадаҳкылаз арезолиуциаҿы асанкциақәа ҳрылацәажәоит, ари азҵаара азхәыцра ҳаҟәымҵӡацт. Иара убас, Еврокомиссиеи егьырҭ аинститутқәеи рахь ааҧхьара ҟасҵоит, ҳара ари атәыла ҳацхраароуп кремльтәи аполитикцәа рҟынтә ахы иақәиҭзарц азыҳәан. Ҳара атәылауаҩратә уаажәларра ҳрыдгылароуп. Ҳара ибзиаҵәҟьаны иаабоит атәыла ауааҧсыра зымҽхак дуу адемонстрациақәа шымҩаҧырго. Ари атәылаҿы атәылауаҩратә уаажәларра рҽазышәара бзиа збоит, аус бзиа ҟарҵоит ҳәа сгәы иаанагоит, ҳара, ҳаидгыланы, арҭ ауаа европатәи аҭаацәарашҟа инаҳгоит», — илҳәеит Раса Иукнавичене.