Раса Иукнавичене – Ақырҭуа жәлар ирцәырҕьычыз абыжьқәа рырхынҳәраҿы ирыцхрааша аплан азхәыцра иаамҭоуп, уаҳа ҧсыхәа иҟам
Раса Иукнавичене – Ақырҭуа жәлар ирцәырҕьычыз абыжьқәа рырхынҳәраҿы ирыцхрааша аплан азхәыцра иаамҭоуп, уаҳа ҧсыхәа иҟам

«Қырҭтәыла имҩаҧысуа ахҭысқәа аҵакы ду рымоуп», — илҳәеит Европарламент адепутат  Раса Иукнавичене  Европарламент адәныҟатәи аусқәа рзы акомитетаҿ данықәгылоз.

«Ҧхынҷкәын азы бжьҩык адепутатцәа Қырҭтәыла иаҭааит. Раҧхьа иргыланы,  азхаҵамра, нас асанкциақәа, ахҧатәи – аҿыц алхрақәа.  Ақырҭуа гәахәтәы ахатә легитимра иазықәҧоит, убри аҟынтә, аплан иарбам авизитқәа мҩаҧгатәым. Егьи аганахьала, ақырҭуа жәлар ҳазларыцхрааша ҳазхәыцроуп. Адәахьы иаабаз ақырҭуаа зегьы еицҿакны ирҳәон  ахьаҵра ргәы ишҭам, Қырҭтәыла аурыс дунеи алахәылас ишыҟамло. Асанкциақәа ҳрылацәажәозар, Америка Биӡина Иванишвили асанкциақәа изышьақәнаргылеит. Насгьы, аҿыц алхрақәа рымҩаҧгара аҵакы ду амоуп. Ақырҭуа жәлар ирцәырҕьычыз абыжьқәа рырхынҳәраҿы ирыцхрааша аплан азхәыцра иаамҭоуп, уаҳа ҧсыхәа иҟам», — илҳәеит  Раса Иукнавичене.