Радослав Сикорски – Украина иаҿагыланы Урыстәыла имҩаҧнаго аибашьра алҵшәақәа Молдовеи, Қырҭтәылеи, Шәамахьтәылеи ревропатәи ҽазышәарақәа рзы аҵакы ду рымазаауеит
Украина иаҿагыланы Урыстәыла имҩаҧнаго аибашьра алҵшәақәа Молдовеи, Қырҭтәылеи, Шәамахьтәылеи ревропатәи ҽазышәарақәа рзы аҵакы ду рымазаауеит, – иҳәеит Польша адәныҟатәи аусқәа рминистр Радослав Сикорски польшатәи Сеим аҿы данықәгылоз.
«Украина иаҿагыланы Урыстәыла имҩаҧнаго аибашьра алҵшәақәа ҳрегионаҿ ашәарҭадаразы анырра ду рымазаауеит. Украина иаҿагыланы Урыстәыла имҩаҧнаго аибашьра алҵшәақәа Молдовеи, Қырҭтәылеи, Шәамахьтәылеи ревропатәи ҽазышәарақәа рзы аҵакы ду рымазаауеит. Иара убас, арҭ алҵшәақәа Ацентртә Азиаҿ зҵакы дуу ҳпартниорцәа рдәныҟатәи политика ианыҧшуеит, дара, Моквеи, иара убас, Пекини ирыхәаҧшуеит, аха, аамҭакала, Европаҟны аимадара ҕәҕәа рымазар рҭахуп», — иҳәеит Сикорски.
Иара иажәақәа рыла, Қырҭтәыла иаҳа-иаҳа европатәи амҩа иацәыхарахоит, Польша уи даараӡа иаргәамҵуеит.
«Қырҭтәыла иаҳа-иаҳа европатәи амҩа иацәыхарахоит, Польша уи даараӡа иаргәамҵуеит. Қырҭтәыла анапхгара ирыдыркыло аӡбарақәа рзы ақырҭуа жәлар гәыбҕан раҳҭом. Арепрессиақәа зхароу ауаа асанкциақәа рзышьақәҳаргылеит. Аха, аиҩызара алахәызаара – ахымҧадара акәымкәа, азин ҷыдоуп. Уи атәылеи зхы иақәиҭу ауааҧсыреи ирыдыркыло аӡбароуп», — иҳәеит Польша адәныҟатәи аусқәа рминистр.