Раԥхьаӡа акәны, Қырҭтәыла, акурорт Ҭеҭнулди аҿы "Фрираид" амчыбжь мҩаԥгахоит
Раԥхьаӡа акәны, Қырҭтәыла, акурорт Ҭеҭнулди аҿы "Фрираид" амчыбжь мҩаԥгахоит

“Ашьхатә курортқәа рырҿиара аилахәыра” аинформациа ала, раԥхьаӡа акәны, Қырҭтәыла, акурорт Ҭеҭнулди аҿы “Фрираид” (Freeride) амчыбжь аҳәаақәа ирҭагӡаны, жәабран 8-12 рзы “Фрираид” адунеитә тур аквалификациатә етап (FWQ) мҩаԥгахоит.

Аилахәыра адыррақәа рыла, ауснагӡатә Аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рминистрра иаҵанакуа “Ашьхатә курортқәа рырҿиара аилахәыра” аиҿкаареи USAID аекономикатә шәарҭадара апрограммеи, Местиа амуниципалитет ахадареи, Шәантәыла ахылаԥшразы аиҿкаара Шан-лендии Атуризм азы амилаҭтә администрациа адгылара ала мҩаԥгахоит