Ҩышықәса инагӡоз археологиатә ажрақәа раан, Қвемо Ниқози ақыҭан, ҳера ҟалаанӡа 18-17-тәи ашәышықәсақәа ирыҵанакәа адамра аадырҧшит. Ари аҧшаах иуникалуп, избанзар, Шида Қарҭли арегионаҿ раҧхьаӡа акәны аадырҧшит 3 800 шықәса зхыҵуа, абжьаратә аџьазтә аамҭа иаҵанакәа адамра.
Археологцәа ишырҳәаз ала, адамра иҭаз амаҭәарқәа рыла ишубарҭоу ала, ари адамра аимшьҭра аиҳабы итәызар ҟалап.
Адгьылжраан археологцәа ацәқәа рыхқәеи, 4 гежьык змаз аҽыуардынлас ацәынхақәеи, еиуеиҧшым ачысмаҭәеи рбеит. Аспециалистцәа ргәаанагарала, зыӡбахәы ҳәоу ачысмаҭәа афатә ҭаҵаны, аритуал ҳасабала аҧсы иварҵон.
Археологиатә аҵхрақәа напхгаҩыс дамоуп Гори ауниверситети Амилаҭтә музеии русзуҩ, археолог Гьаргь Мимдиашвили, аусурақәа ирылахәып Гори ауниверситет аустудентцәагьы.
Ҩ-етапк рыла имҩаҧгаз апроект аҧара азоурыжьҭит Акультура аминистрреи Гори ахадареи.