Қырҭтәыла ахантәаҩрала Вена ОБСЕ афорум мҩаҧысуеит 

12:41, 22.04.2026

Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвили  Вена имҩаҧысуа ОБСЕ Ашәарҭадаразы аусеицура афорум аартратә аилатәара лхы алалырхәоит.

Адәныҟатәи аусқәа рминистр афорум алахәылацәа рҿаҧхьа дықәгылоит.

Ашәарҭадаразы аусеицура афорум мҩаҧысуеит Қырҭтәыла ахантәаҩрала. Ахантәаҩра шьақәгылоит аротациа апринципла. Қырҭтәыла ари афорум аҿы ахантәаҩра амазаауеит  2026 шықәса цәыббра 4-нӡа, анеҩс хантәаҩыс иҟалоит Иеиду аҳра.

Еиԥшу