Қарҭтәи ахәыҷбаҳчақәа рҿы арегистрациа актәи аетап иалагеит

10:39, 06.07.2026

 

Қарҭтәи  ахәыҷбаҳчақәа рҿы  2026-2027 аҵаратә ашықәс азы арегистрациа иахьа иалагеит.

Қарҭ ахадара адыррақәа рыла, ахәыҷқәа ррегистрациа мҩаҧысуеит аелектронтә хархәагала, Ахәыҷбаҳчақәа рхылаҧшра агентра авебдаҟьаҿы. Иахьа асааҭ  10:00 рзы иалагаз актәи аетап  нагӡахоит ҧхынгәы 12 асааҭ  00:00-нӡа. Ари аетапаҿ арегистрациа иахысуеит: Қарҭ ашәҟәы иҭагалоу, социалла ихьчам аҭаацәарақәа рхәыҷқәа; аҵаратә ҭахра ҷыдақәа змоу ахәыҷқәа; Қарҭ иҟоу Ахәыҷтәы ҩнқәа рбенефицарцәа; Қарҭ инхо, зымацара зхәыҷқәа зааӡо атәылауаа рхылҵ, иара убас, Қарҭ инхо, ахылҵ рацәа змоу аҭаацәара астатус змоу атәылауаа рхылҵ; арратә маҵзуҩцәа рхылҵ; ахәыҷбаҳчақәа русзуҩцәа рхылҵ.

 

Еиԥшу