Қырҭтәылеи Украинеи COST азин змоу алахәылацәас ҟалеит
Қырҭтәылеи Украинеи COST азин змоу алахәылацәас ҟалеит

Қырҭтәылеи Украинеи Аҵареи атехнологиақәеи Европатәи аусеицуразы аиҿкаара COST азин змоу алахәылацәас ҟалеит.

Қырҭтәыла Аҵара аминистрра аинформациала, Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили идгылара ала, Қырҭтәыла аиҳабыра Қырҭтәыла COST алалара активла аус аднаулон.

Хәажәкыра 30-31 рзы Париж иреиҳаӡоу анапхгаҩцәа ркомитети ассамблеиа хадеи реилатәара мҩаԥган, уа COST иалоу атәылақәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәылеи Украинеи евроаптәи аҭаацәара алалара иадгылеит.

COST аилазаара аҵарадырреи атехнологиақәеи рсфераҿ ижәытәӡатәиу европатәи аиҿкаароуп.Уи ишьаҭаркын 1971 шықәсазы. Аиҿкаара хықәкыс амоуп европатәи аҭҵааҩца рыбжьара аимадарақәа рыбжьаҵара.