Қырҭтәылеи Сеишелтәи ареспубликеи реиҳабырақәа аҳаиртә анеиааира иазку аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит
Қырҭтәылеи Сеишелтәи ареспубликеи реиҳабырақәа аҳаиртә анеиааира иазку аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит

Малаизиа, Куала-Лумпур ақалақьаҿ Атәылауаҩратә авиациа жәларбжьаратәи аиҿкаара  (ICAO) анапхгарала имҩаҧысуа Жәларбжьаратәи атәылауаҩратә авиациа иазку аиҿцәажәарақәа   (ICAN 2024) рҳәаақәа ирҭагӡаны,  Қырҭтәылеи Сеишелтәи ареспубликеи реиҳабырақәа аҳаиртә анеиааира иазку аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.

Қырҭтәыла аган аҟынтә аиқәшаҳаҭра инапы аҵаиҩит Атәылауаҩратә авиациа агентра адиректор Гиви Давиҭашвили,  Сеишел аган аҟынтә атранспорт азы аминистр Ентони Держак. Анапаҵаҩра ацеремониаҿ дыҟан Малазиа иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Иракли Асашвили.

Аиқәшаҳаҭра еиқәыршоуп алибералтә принципқәа рышьаҭала,  авиаеилахәырақәа рхыҧхьаӡареи аҧыррақәа рхырхарҭақәеи ирыдҳәаланы аҧкрақәа иҟам. Ари аиқәшаҳаҭра атуризм аҿиареи атәылақәа рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә еизыҟазаашьақәа рырҭбаареи иацхраауеит.

ICAN2024 Малаизиа имҩаҧысуеит жьҭаара  25-нӡа.  Ауснагӡатә аҳәаақәа ирҭагӡаны, ҩ-ганктәи аиҧыларақәеи еиуеиҧшым атәылақәа рделегациақәа рҟны аиҿцәажәарақәеи мҩаҧысуеит.