Рашәара 27 рзы инагӡан Констанцантә Ҧуҭҟа раҧхьатәи ареис E60 Shipping Line. Ари атәы аанацҳаит аилахәыра E60 Shipping Line.
Аилахәыра адыррала, апаран Ҧуҭтәи абаҕәаза иҭалоит уаха асааҭ 20:00 рзы.
Ҧуҭынтә Констанцаҟа апаран дәықәлоит рашәара 30 рзы, ареисқәа еиҧҟьарада имҩаҧгахоит.
«Аидарамҩангаҩцәеи атраснпорттә сектори рзы ари ажәабжь ҿыц аҵакы ду амоуп. Қырҭтәылеи Евроеидгылеи иаҳа реизааигәахара иацхраауа акрызҵазкәа ашьаҿа ҟаҵоуп. Румынтәылантә Қырҭтәылаҟа амҩа ахысразы 42 сааҭ мацара аҭаххоит. Амҩан арныҟәцаҩцәа акомфорттә каиутақәеи, аресторани, абари, агәырҿыхаратә қәыҧшылареи, адәқьан Duty Free-и рхы иадырхәар рылшоит. Апарантә цәаҳәа Ҧуҭ — Констанца Кавказ атәылақәеи Ацентртә Азиеи Европа адызҳәало икьаҿӡоу мҩоуп, ари амҩа ҳтәылазгьы арегион азгьы аҵакы ду амоуп. Ари амаршрут ахадаратә ҵакы амоуп Атранскаспиатә абжьаратә корридор аусуразы», — иануп аилахәыра E60 Shipping Line аинформациаҿы.