Қырҭтәылеи Польшеи рыбжьара ҩынтәтәи ашәахьтә ахақәымшәара иазку аиқәшаҳаҭра амч аиуит
Қырҭтәылеи Польшеи рыбжьара ҩынтәтәи ашәахьтә ахақәымшәара иазку аиқәшаҳаҭра амч аиуит

Амч аиуит Қырҭтәылеи Польшеи рыбжьара ҩынтәтәи ашәахьтә ахақәымшәареи ашәахтәқәа рымшәареи  рыҿагылара иазку аиқәшаҳаҭра, – аанацҳаит Қырҭтәыла Афинансқәа рминистрра.

Аусҳәарҭа аинформациа ала, ирҿыцу аиқәшаҳаҭра 2021 шықәса ԥхынгәы 7 рзы рнапқәа аҵарҩит Қырҭтәыла Афинансқәа рминистр Лаша Хуцишвилии Польшатәи ареспублика ацҳаражәҳәаҩ Мариус Машвиевичи.

„Адокумент ҿыц Аекономикатә усеицуреи аҿиареи реиҿкаара (OECD) ирҿыцу 2017 шықәсатәи амодел ауп шьаҭас иамоу, уи Ашәахтә база армаҷреи ахашәала аиагареи (BEPS) рпроект ала иҳәаақәҵоу астандартқәа ирышьашәалоуп.

Иахьазы ҩынтәтәи ашәахьтә ахақәымшәареи ашәахтәқәа рымшәареи  рыҿагылара иазку аиқәшаҳаҭра амч амоуп 57 тәыла рҟны”, – иануп аминисрра аинформациа аҿы.