Қырҭтәылеи Польшеи астратегиатә резервқәа рхырхарҭала аусеицура иазку аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит
Қырҭтәылеи Польшеи астратегиатә резервқәа рхырхарҭала аусеицура иазку аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит

Қырҭтәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рмаҵзура иаҵанакуа Аҳәынҭқарратә резнрвқәеи атәылауаҩратә шәарҭадареи рсервисқәа рагентреи Польшатәи Ареспублика аиҳабыратә стратегиазы арезервқәа рагентреи аиқәшаҳаҭра ҷыда рыбжьарҵеит.

Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рмаҵзура аинформациала, аиқәшаҳаҭра хықәкыс амоуп аганқәа рыбжьара наҟ-наҟтәи аусеицура арҵаулареи аусеицура иазку амеморандум абжьаҵареи.

Аиқәшаҳаҭра напы аҵарҩит Қырҭтәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рмаҵзура аиҳабы Ҭеимураз Мӷебрившилии Польшатәи Ареспублика аиҳабыратә стратегиазы арезервқәа рагентра ахада Михал Кучмиеровскии.