Қырҭтәылеи,  Молдовеи,  Украинеи рҵакырадгьылтә акзаареи евроаптәи аперспективеи адгылара  – ақырҭуа оппозиционерцәеи украинатәи аделегациеи рықәшаҳаҭымхара  амшала ицәыргамыз  арезолиуциала иазҧхьагәаҭаз
Қырҭтәылеи,  Молдовеи,  Украинеи рҵакырадгьылтә акзаареи евроаптәи аперспективеи адгылара  – ақырҭуа оппозиционерцәеи украинатәи аделегациеи рықәшаҳаҭымхара  амшала ицәыргамыз  арезолиуциала иазҧхьагәаҭаз

Қырҭтәылеи,  Молдовеи,  Украинеи рҵакырадгьылтә акзаара адгылареи, Евроеидгыла алалара аперспективеи, Қырҭтәыла импыпҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҟынтә аурыс арбџьармықәа ралгара иазкны Урыстәылахь ааҧхьара аҟаҵареи, зыҧшра ҟамҵакәа Украинаҿ аибашьра аҟәыҵреи  —  абарҭ азҵаарақәа роуп изызкыз «Евронест»  Апарламенттә ассамблеиаҿы ақырҭуа оппозиционерцәеи украинатәи аделегациеи рықәшаҳаҭымхара  амшала ицәыргамыз  арезолиуциа.

Арезолиуциа апроект аҿы ишазгәаҭоу ала,  иахьа Евроеидгылеи Мрагыларатә партниорра атәылақәеи  жәларбжьаратәи апҟарақәа рышьаҭала европатәи ашәарҭадара архитектура ашьақәгылара ахадаратә етап иҭагылоуп. Дара даҽазнык агәамҵра ду аадырҧшуеит Украина имҩаҧысуа аибашьра иадҳәаланы,  Украина адгылара ҕәҕәа азаадырҧшуеит. Арезолиуциа авторцәа Қырҭтәылатәи арегионқәа,  Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи рҿы иахьагьы инагӡо урыстәылатәи ампыҵахалара иақәыӡбоит,  адокументаҿ ишазгәаҭоу ала,  Урыстәыла,  амч ахархәарала,  ихьыҧшым аҳәыныҭқарра аҳәаақәа аҧсахыр ахаҭуп.  Арезолиуциа апроектаҿ ишазгаҭоу ала,  Евроеидгыла даҽазнык ишьақәнарҕәҕәоит Қырҭтәылеи,  Украинеи,  Молдовеи рҵакырадгьылтә акзаара ишадгыло. Иара убас, жәларбжьаратәи ауаажәларрахь ааҧхьара ҟарҵоит арҭ атәылақәа рхьыҧшымреи рҵакырадгьылтә акзаареи иаҳа пату ақәҵаны,  урытәылатәи агрессиа аанкыланы,  Европа ашәарҭадара рыхьчарц.