Қырҭтәылеи Литвеи рхадацәа Қырҭтәыла европатәи евроатлантикатәи интеграциа адгыларатә азеиҧш декларациа рнапы аҵарҩит
Литва ахада Гитанас Науседа Қырҭтәыла ахада данылҧыла ашьҭахь, апресс-конференциаҿы ишиҳәаз ала, агеографиатә ганахьала Қырҭтәылеи Литвеи еицәыхароуп, аха реимадара ҕәҕәоуп.
«Қырҭтәыла санахәаҧшуа, Литвагьы Евроеидгылеи НАТОи рахь алалара ишашьҭаз сгәаласыршәоит. Ҳамҩа уадаҩын, аха, ҳара ианакәызаалак иаадыруан хықәкыс иҳамаз. Қырҭтәылагьы убасҵәҟьа ишыҟоу аабоит. Убри аҟынтә, иахьа Қырҭтәыла ахадеи сареи азеиҧш декларациа ҳнапы аҵааҩит, уи Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи мацара акәымкәа, шәтәыла европатәии евроатлантикатәи интеграциагьы иадгыло документуп», — иҳәеит Гитанас Науседа.