Қырҭтәылеи Италиеи рыбжьара зыҩаӡара ҳараку адиалог ашьақәыргылара иазку декларациа рнапы аҵарҩит
Қырҭтәылеи Италиеи рыбжьара зыҩаӡара ҳараку адиалог ашьақәыргылара иазку декларациа рнапы аҵарҩит

2023 шықәса мшаҧы 21 рзы Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвилии  Италиатәи ареспублика адәныҟатәи аусқәеи жәларбжьаратәи усеицуреи рзы аминистр  Антонио Таиании рнапы аҵарҩит Қырҭтәылеи Италиеи рыбжьара зыҩаӡара ҳараку адиалог ашьақәыргылара иазку азеиҧш декларациа.

Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адыррала, аганқәа иазхарҵеит 1992 шықәса инаркны ақырҭуа-италиатәи ҩ-ганктәи еизыҟазаашьақәа рҿы иҟоу акрызҵазкәа апрогресс, уи ашьаҭа ҕәҕәа аҧнаҵоит аусеицура аусхәаҧштә арҕәҕәареи адиверсификациеи азыҳәан.

«Зыҩаӡара ҳараку адиалог аанарҧшуеит ҩ-тәылак рыбжьара адинамикатә усеицура, иара убас, аусеицура аперспектива ҿыцқәа аанартуеит.

Аганқәа ишьақәдырҕәҕәоит  азеиҧш принципқәеи аинтересқәеи ишрықәныҟәо, аҧҟарақәа рышьаҭала жәларбжьаратәи аиҿкаара адгылара ишазҿлымҳау.

Адекларациа аҳәаақәа ирҭагӡаны, аганқәа аҭаххара ҕәҕәа аадырҧшит атәылақәа рыбжьара ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рыҩаӡара ашьҭыхреи аҩ-ганк ирзыфеидоу аусеицура аперспективақәа рҳәаақәҵареи азыҳәан.

Зыӡбахәы ҳәоу аформат шьақәгылоуп атематикатә 4 хырхарҭак рыла, урҭ иреиуп аполитикеи, атәылахьчареи ашәарҭадареи, ахәаахәҭра-економикеи, иара убас, акультуреи, аҵареи, аҵарадырреи аусхкқәа.

Адиалог аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧысуа аиҧыларақәа рҿы ахантәаҩра рымазаауеит адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа.  Асессиақәа рхы рыладырхәоит иашьашәалоу аусхкытә министррақәа/аусбарҭақәа рхаҭарнакцәа рыла еиҿкаау аделегациақәа.

Аиҧылара цыҧхьаӡа ашьҭахь азеиҧш коммиунике ркьыҧхьоит.

Зыҩаӡара ҳараку адиалог иазку адекларациа рнапы аҵарҩит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили Рим ивизит аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Илиа Дарчиашвили Италиа азакәанҧҵаратәи анагӡаратәи мчра ахаҭарнакцәа дырҧылеит“, – иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациаҿы.