Қырҭтәылеи Германтәылеи реиҳабырақәа афинанстә усеицура иазку аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит
Қырҭтәылеи Германтәылеи реиҳабырақәа афинанстә усеицура иазку аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит

 

Қырҭтәыла афинансқәа рзы аминистр   Лаша Хуцишвилии Қырҭтәыла иҟоу Германтәыла ацҳаражәҳәаҩ Ҳуберт Книрши Қырҭтәылеи Германтәылеи реиҳабырақәа рыбжьара афинанстә усеицура иазку аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.

Иахьа аганқәа ирыбжьарҵаз адокумент ала иазҧхьагәаҭоуп   апроект  «Абиохкырацәареи иҭышәынтәалоу аҭыҧантәи аҿиареи  —  Қырҭтәыла» азы Қырҭтәыла иҵегьы  5,2 миллион евро агрант азоушьҭра.  Зынӡа абри апроект иаларҵоит  23,7 миллион евро.

Афинансқәа рзы аминистр  Лаша Хуцишвили  Германтәыла ацҳаражәҳәаҩ даҽазнык ҭабуп ҳәа иеиҳәеит  Германтәыла Қырҭтәыла иазоунашьҭуа ацхырааразы.