Қырҭтәылеи Германтәыла Афедеративтә Республикеи амиграциеи амобилреи ирызку аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит
Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вахтанг Гомелаури Германтәыла Афедеративтә Республика Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Ненси Фезер дылԥылеит.
Аиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны Қырҭтәылеи Германтәыла Афедеративтә Республикеи реиҳабырақәа амиграциеи амобилреи ирызку аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.
Аиқәшаҳаҭра хықәкыс амоуп аџьатә миграциеи аҵареи рхырхарҭала Германтәыла Афедеративтә Республикеи Қырҭтәылеи реиҳабырақәа рыбжьара аусеицура арӷәӷәара, уи илегалым амиграциа армаҷразы ихырҳагахоит, ари аҩтәылак ринтереқәа ирылоуп.
Аиԥылараҿ аганқәа наҟнаҟтәи апланқәеи аперспективақәаи ирыхәаԥшит, урҭ иреиуп илегалым амиграциеи еиҿкаау ацәгьоура аԥырҟәҟәаареи рхырхарҭақәа. Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вахтанг Гомелаури Германтәыла Қырҭтәыла ишәарҭам атәылақәа рсиа алалара даҽазнык шьақәнарӷәӷәоит Қырҭтәыла адемократиатә тәыла шакәу.