Қырҭтәылеи ЕАШ-и аоперациа ҷыдақәа рымчқәа азыҟаҵарақәа еицымҩаԥыргеит
Қырҭтәыла атәылахьчаратә мчқәа аоперациа ҷыдақәа мраҭашәаратәи абаталион амшынтә гәыԥ ахаҭарнакцәеи ЕАШ амшынтә азкра ҷыдақәа змоу агәыԥи аиҭныԥсахларатә азыҟаҵарақәа (JCET) аҳәаақәа ирҭагӡаны азыҟаҵарақәа еицымҩаԥыргеит.
Атәылахьчаратә усҳәарҭа аинформациа ала, ҩымчыбжь имҩаԥысуаз азыҟаҵарақәа еиуеиԥшым акомпонентқәа ирылан – аҟәара рекогносцирра, амшын аҟынтә аҟәарахь аинфилтрациа-аексфильтрациа, аҟәара ареид, ажәылара, атактикатә зыҟаҵара уҳәа уб. егь.