Қырҭтәылеи Черногориеи азинда инхо ауааҧсыра рреадмиссиа иазку аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит
Қырҭтәылеи Черногориеи азинда инхо ауааҧсыра рреадмиссиа иазку аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит

Қырҭтәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Алеқсандр Дарахвелиӡе Қырҭтәыла иҟоу Черногориа ацҳаражәҳәаҩ  Драгица Понорац дылҧылеит.

Аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәылеи Черногориеи азинда инхо ауааҧсыра рреадмиссиа иазку аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.

Зыӡбахәы ҳәоу аиқәшаҳаҭра азакәандаратә миграциа аусхкы аҿы ҩ-тәылак русеицура иацхраауеит.

Аиҧылараан Алеқсандр Дарахвелиӡе иаҵшьны иазгәеиҭеит Евроеидгылеи Шенгентәи азонеи иалоу аҳәынҭқаррақәа рҟны авизадатә режим иамоу аҵакы ду.  Иара ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла аҭакҧхықәра ду адуп абарҭ атәылақәа рҿы закәандарала инхо ауааҧсыра рреадмиссиа аусхкы аҿы аусеицуразы.