Қырҭтәылеи Бырзентәылеи  аныҟәцаратә зин аршаҳаҭга азхаҵара иазку аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит
Қырҭтәылеи Бырзентәылеи аныҟәцаратә зин аршаҳаҭга азхаҵара иазку аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вахтанг Гомелаури Бырзентәылаҿ иофициалтә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Бырзентәыла Аинфраструктуреи атранспорти рминистр Христос Стаикура диԥылеит.

Аиԥылара ашьҭаь аганқәа Қырҭтәылеи Бырзентәылеи аныҟәцаратә зин аршаҳаҭга азхаҵара иазку аиқәшаҳаҭра рнапқәа аҵарҩит.

Анапаҵаҩра ацеремониа иалахәын Бырзентәыла иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Леван Бериӡеи аполициа атташе Шоҭа Хурциӡеи.

Абри еиԥш аиқәшаҳаҭрақәа ибжьаҵоуп Қырҭтәылеи Испаниеи, Қырҭтәылеи Ирландиеи рыбжьара.