Қырҭтәылеи, Азербаиџьани, Румынтәылеи, Венгриеи Амшын еиқәа иалсны ицо афымцамҩангагатә кабель апроект рнапы аҵарҩит
Қырҭтәылеи, Азербаиџьани, Румынтәылеи, Венгриеи Амшын еиқәа иалсны ицо афымцамҩангагатә кабель апроект рнапы аҵарҩит

Қырҭтәылеи, Азербаиџьани, Румынтәылеи, Венгриеи Амшын еиқәа иалсны ицо афымцамҩангагатә кабель апроект рнапы аҵарҩит.

Анапаҵаҩра ацеремониа мҩаҧган Румынтәыла, Котрочена аханаҿ.  Адокумент рнапы аҵарҩит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии, Азербаиџьан ахада Илҳам Алиеви,  Румынтәыла аҧыза-министр Николае Чукаи, Венгриа аҧыза- Виктор Орбани.

Ацеремониа лхы алалырхәит Еврокомиссиа ахада Урсула фон дер Лаиен.

Ҧшьганктәи аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭрала иазҧхьагәаҭоуп Азербаиџьани Румынтәылеи рыбжьара, Қырҭтәылеи Амшын еиқәеи ирылганы, зырҿыцра ҟало афымца амҩангара.

Амшын еиқәа иалсны аӡаҵантәи афымцамҩангагатә кабель апроект – Евроеидгылеи Азербаиџьани рыбжьара аенергетика аусхкы аҿы аусеицура иазку аиқәшаҳаҭра иаҵанакәеит, ари апроект Қырҭтәылазы аҵакы ҷыда амоуп, избанзар, уи Евроеидгыла  „Аглобалтә агәашә“ астратегиа хәҭак ауп.