Қырҭтәылеи Азербаиџьани рыҩныҵҟатәи усқәа рминистрцәа Абаноҭубани иҟоу Геидар Алиев ибаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭарҵеит
Қырҭтәылеи Азербаиџьани рыҩныҵҟатәи усқәа рминистрцәа Абаноҭубани иҟоу Геидар Алиев ибаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭарҵеит

Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Гека Гелаӡеи Аофициалтә визитла Қырҭтәыла иаҭааиз  Азербаиџьантәи ареспублика аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вилаиаҭ Еивазови Абаноҭубани иҟоу Геидар Алиев ибаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭарҵеит.

Иара убас азербаиџьантәи аделегциа “Ауаажәларратә шәарҭадара анапхгараҭаратә центр 112” иаҭааит. Қырҭтәыла иаҭааиз  Азербаиџьантәи ареспублика аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вилаиаҭ Еивазов Қырҭтәылатәи иколлега ҭабуп ҳәа иеиҳәеит ибзиоу адкылареи хра злоу аиԥылареи рзы.