Қырҭтәылеи Аҩадатәи Македониеи  азеиҧш европатәи хықәкқәа рынагӡаразы аусеицура арҭбаареи акоординациа ҕәҕәеи азы еиқәшаҳаҭхеит
Қырҭтәылеи Аҩадатәи Македониеи  азеиҧш европатәи хықәкқәа рынагӡаразы аусеицура арҭбаареи акоординациа ҕәҕәеи азы еиқәшаҳаҭхеит

Европатәи Ахеилак аминистериал аҳәаақәа ирҭагӡаны, адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили Аҩадатәи Македониа адәныҟатәи аусқәа рминистр Буиар Османи диҧылеит.

Аминистрцәа ҩ-тәылак реизыҟазаашьақәеи, аиҧыларақәеи, авизитқәеи рдинамика бзиа азгәарҭеит. Дара атәылақәа ревропатәи ревроатлантикатәи интеграциа апроцессқәа ирыдҳәалоу аинформациа еиҭнырыҧсахлеит, иара убас, ишырҳәаз ала, ари ахырхарҭала аҧышәа аиҭныҧсахлара иазыхиоуп.

Аҩадатәи Македониа адәныҟатәи аусқәа рминистр даҽазнык иаҵшьны иазгәеиҭеит Vакедониа НАТОи Евроеидгылеи рышҟа Қырҭтәыла алалара ишадгыло.

Арегионалтә шәарҭадара ианалацәажәоз аминистрцәа ишазгәарҭаз ала,  2023 шықәсазы Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаараҿы Аҩадатәи Македониа ахантәаҩра анаиуа, Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рызҵаара актуалтә ҵакы амазаауеит.