Қырҭтәылеи Ҭырқәтәылеи рҳәаатә хәҭақәа азыҟаҵарақәа еицымҩаҧыргеит [афото]
Қырҭтәылеи Ҭырқәтәылеи рҳәаатә хәҭақәа Самцхе -Џьавахеҭи иҟоу аҳәаатә центр «Вале» аҿы азыҟаҵарақәа еицымҩаҧыргеит.
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра адыррақәа рыла, азыҟаҵарақәа ирылахәын Аҳәаатә полициа Ахалцихетәи аусбарҭа атактикатә гәыҧи Ҭырқәтәыла арбџьармчқәа 25-тәи абригадеи.
«Азыҟаҵарақәа хықәкыс ирымоуп адгьылтә аҳәаа ахьчараҿы аҧышәа аиҭныҧсахлареи аҳәаақәа ршәарҭадара азҵаара иадҳәаланы аусеицура арҭбаареи.
Азыҟаҵарақәа мҩаҧган Ҭырқәтәылеи Қырҭтәылеи рыбжьара ҩ-ганктәи аусеицура аплан аҳәаақәа ирҭагӡаны.