Қырҭтәылаҿ Европа амшқәа аофициалла иаадыртуеит
Қырҭтәылаҿ Европа амшқәа аофициалла иаадыртуеит

Қырҭтәылаҿ традицианы ишьақәгылаз Европа амшқәа иахьа аофициалла иаадыртуеит, ауснагӡатә нагӡахоит лаҵара анҵәамҭанӡа.

Қарҭ иҟоу Риҟе апарк иахьа  „евроқыҭас“  еиҿыркаауеит, уаҟа аинформациатәи агәырҿыхаратәи уснагӡатәқәа мҩаҧысуеит.

Ауснагӡатә рхы аладырхәоит Евроеидгыла иалоу аҳәынҭқаррақәеи Евроеидгыла апрограммақәеи рхаҭарнакцәа.

НАТОи Евроеидгылеи ирызку аинформациатә центр адыррақәа  рыла, сынтәа Европа амшқәа инарҭбааны иазгәарҭоит. Арҵаҩцәа еиуеиҧшым асеминарқәа рзымҩаҧыргоит.

Европа амшқәа ирымаданы имҩаҧысуа ауснагӡатәқәа рхы рыладырхәоит ауаажәлари, анагӡаратәи азакәанҧҵаратәи мчра ахаҭарнакцәеи, адипломатцәеи, академиатә гәыҧқәеи, аекспертцәеи.

Сынтәа Европа амшқәа ҷыдала иазгәарҭоит Қырҭтәыла арегионқәа рҿы. Уаҟа, НАТОи Евроеидгылеи ирызку аинформациатә центри Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрреи рыҧшьгара ала,  аҭыҧантәи ауааҧсыра иаҳа инарҭабаау аинформациа рыҭареи рылахәызаара аизырҳареи амзызла,  еуиеҧшым ауснагӡатәқәа мҩаҧысуеит. Лымкаала, атәыла арегионқәа зегьы рҿы, аетникатә аиҵара еилаҵәаны иахьынхо арегионқәеи импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа ирыҧну  арегионқәеи нрылаҵаны, анагӡаратә мчра ахаҭарнакцәеи аекспертцәеи аҭыҧантәи ауааҧсыра  рҟны иакымкуа аиҧыларақәа мҩаҧыргоит, иара убас, уаҟа имҩаҧысуеит еиуеиҧшым аконцертқәеи, аспорттә еицлабрақәеи, амассатә уснагӡатәқәеи.