Қырҭтәылантә ЕАШ рышҟа ацәгьоура хьанҭазы зыԥшаара иаҿыз ахаҿы аекстрадициа изыруит
Қырҭтәыла апрокуратура хадеи ЕАШ аҳәынҭдепартаменти ирыбжьоу аекстрадициа аиндивидуалтә аиқәшаҳаҭра ашьаҭала, аинтерпол ациркулиар ҟаԥшь ала ацәгьоура хьанҭазы зыԥшаара иаҿыз ахаҿы Қырҭтәылантә ЕАШ рышҟа аекстрадициа изыруит.
Апрокуратура аинформациала, ЕАШ акомпетентә органқәа аекстрадициа ззырзуз ахаҿы иԥшаара иаҿын 2017-2021 шш. рзы, Техас аштат аҿы зықәра имнеиӡацт ахәыҷы иганахьала инаигӡаз асексуалтә ацәгьоуреи, аҭаацәара алахәылацәа рықәлареи, 2020-2021 шш. рзы Луизиана аштат аҿы еиҿкаау ацәгьуратә гәыԥ алахәызаареи рзы.
“2023 шықәса ԥхынҷкәын 26 рзы Қырҭтәыла Аиустициа аминистр аекстрадициазы аӡбара идикылан, апенитенциартә маҵзура аусуҩцәа зыԥшаара иаҿыз ахаҿы ЕАШ акомпетентә органқәа рхаҭарнакцәа дрырҭеит“, – иануп аинформациа аҿы́.